Аԥсны акоронавирус рыдырбалеит даҽа 24-ҩык ауааԥсыра

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТест-системы для диагностики нового коронавируса
Тест-системы для диагностики нового коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15075-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14099-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 226-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 260-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 24-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 51-ҩык, урҭ рахьтә 41-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 19-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 16-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0