Воуԥҳа аҿартә политиказы: исҭахуп ақыҭахәыҷқәа ҳапроектқәа ирылахәхарц
© Sputnik
"Ҳкомитет аҿы иҳамоуп аҟәша аҿар аус рыдуларазы. Уа акадр ҿыц адԥхьаланы ҳусура арӷәӷәара ҳгәы иҭоуп. Уажәы иаарласны Аԥснынтә астудентцәа злахщу Иркутск афорум мҩаԥысран иҟоуп, уахь хәҩык аҿар ҳашьҭуеит, уаҟа дара идырҵахоит асоциалтә проектқәа рыҟаҵашьа, рҩышьа, анаҩс рхатә проектқәа реиҿкаараҿы хәарҭас ироуеит. Сара исҭахуп ақыҭаҿы изызҳауа аҿар аилак имҩаԥнаго апроектқәагьы рхы аладырхәырц. Игәасҭахьеит, ақалақь аҿы иҟоу аҿар иаҳа активра аадырԥшуеит. Уи азы араионқәа рҿы аилакқәеи ҳареи аус еицаҳаулароуп", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Кәыҵниаԥҳа зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҿар рзы: ҳусура иалахәзар ҳҭахуп