"Аԥхьа акциа "Аҵх амузеи аҟны" ҳмузеи аҿоуп иахьалагаз. Уи ашьҭахь егьырҭ амузеиқәагьы адгылара арҭеит. Есышықәса ҳажәҩахыр ааибыҭаны аус аауеит. Ари амш анааигәахо азы иҟаҳҵо еиԥшымкәаны ҳазнеиуеит. Ҳмузеи ҳҭоурых ганрацәалатәи аԥсуаа иҳамоу, иахьынӡазалшо иҵауланы, иҭбааны, иахьатәи аамҭа иақәшәо ауаа ирызнаҳгарц ҳҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Беиаԥҳа илҳәеит ари амш азы амузеи ауаа рацәаны ишаҭаауа атәы.
"Уажәазы ишыҟало сыздыруам, апандемиа аамҭазы, аха уаанӡа ари акциа азҿлымҳара арҭон ауааԥсыра. Уи ҳаигәырӷьоит даара, избанзар, хықәкыс иҳамоу, ҳмузеи збаша, изаҳаша ҳауаажәлар мааиуазар, усҟан инаныгӡо аусурагьы башахоит", - ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.
Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеи аҟны амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит. Абри амш аныҳәатә гәалаҟара аҭараз атәылақәа ркультуреи, рҭоурыхи рабадырраз еиҿыркаауа иалагеит акциа "Аҵх амузеи аҟны" ҳәа. Раԥхьатәи акциа мҩаԥысит Берлин ақалақь аҿы, 24 шықәса раԥхьа. Урыстәыла акәзар, 14 шықәса раахыижьҭеи имҩаԥысуеит, Аԥсны - фышықәса роуп иҵуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.