Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиаԥҳа Џьопуеи "Аҵх амузеи" аҿы иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Амузеиқәа иахьатәи русушьеи, насгьы рныҳәа шазгәарҭои атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуеи Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳаи.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиаԥҳаи Џьопуеи "Аҵх амузеи аҟны" иазкны

"Аԥхьа акциа "Аҵх амузеи аҟны" ҳмузеи аҿоуп иахьалагаз. Уи ашьҭахь егьырҭ амузеиқәагьы адгылара арҭеит. Есышықәса ҳажәҩахыр ааибыҭаны аус аауеит. Ари амш анааигәахо азы иҟаҳҵо еиԥшымкәаны ҳазнеиуеит. Ҳмузеи ҳҭоурых ганрацәалатәи аԥсуаа иҳамоу, иахьынӡазалшо иҵауланы, иҭбааны, иахьатәи аамҭа иақәшәо ауаа ирызнаҳгарц ҳҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Акция Ночь в музее в Государственном музее в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Акциа "Аҵх амузеи аҟны" Аԥсны имҩаԥгахоит лаҵара 18 азы

Беиаԥҳа илҳәеит ари амш азы амузеи ауаа рацәаны ишаҭаауа атәы.

"Уажәазы ишыҟало сыздыруам, апандемиа аамҭазы, аха уаанӡа ари акциа азҿлымҳара арҭон ауааԥсыра. Уи ҳаигәырӷьоит даара, избанзар, хықәкыс иҳамоу, ҳмузеи збаша, изаҳаша ҳауаажәлар мааиуазар, усҟан инаныгӡо аусурагьы башахоит", - ҳәа лҳәеит Беиаԥҳа.

Есышықәса лаҵара 18 рзы адунеи аҟны амузеиқәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит. Абри амш аныҳәатә гәалаҟара аҭараз атәылақәа ркультуреи, рҭоурыхи рабадырраз еиҿыркаауа иалагеит акциа "Аҵх амузеи аҟны" ҳәа. Раԥхьатәи акциа мҩаԥысит Берлин ақалақь аҿы, 24 шықәса раԥхьа. Урыстәыла акәзар, 14 шықәса раахыижьҭеи имҩаԥысуеит, Аԥсны - фышықәса роуп иҵуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0