Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х Аслан Бжьаниа Дамаск дидикылеит

Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеит лаҵара 16 рзы, Аԥсни Шьамтәылеи наҟ-наҟтәи русеицура азҵаарақәа рылацәажәаразы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х еиԥылеит Дамаск, Ацқьаҭыԥҳа Мариа луахәамаҿ. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аиԥылара ахеиҿкаахаз, иҳәеит Аԥсны ишырацәоу ақьырсиан дин абаҟақәа.

"Аԥснытәи ақьырсианцәеи шәара шәуахәамақәеи аимадара рымоижьҭеи акрааҵуеит. Ҳара ҳҟны хыԥхьаӡара рацәала ақьырсиан баҟақәа ыҟоуп. Сара, аҳәынҭқарра ахадак иаҳасаб ала - Анцәа дхазҵо уаҩуп. Ҳажәлар еилыркаауеит ҳаамҭазтәи адунеи аҿы, аҳәынҭқарраҿы адин иааннакыло аҭыԥ", - ҳәа иҳәеит иара.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Шьамтәыла еиуеиԥшым адинқәа ҳаҭырла ишырзыҟоу шгәеиҭаз, уа ақьырсианра амиссиа аҵак ду аманы ишыҟоу аҭынчреи агәыҭбаареи рахь ааԥхьара ахьыҟанаҵо азы.

Аслан Бжьаниеи Башар Асади Шьамтәыла еиԥылеит

Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х иазгәеиҭеит Аԥсны ахада хадара ззиуа аделегациа Шьамтәылаҟа анеира ҳаҭыр ду шақәиҵо.

"Шәара ара шәыҟазаара, Башар Асади шәареи шәеиԥылара аҵак ду аҳҭоит. Аԥсуа ҳәынҭқарра, ажәлар ирзеиӷьашьоит агәырӷьара, аҭынчра. Иахьышәҭаху азҵаарақәа рҿы ҳшәывагылоит, ҳшәыцхраауеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз агәалашәаратә ҳамҭақәа еимырдеит.

Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеит лаҵара 16 рзы. Лаҵара 17 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Аль-Асади рофициалтә еиԥылара мҩаԥысит Дамаск.

Аԥсни Шьамтәылеи рбаӷәазақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск лаҵара 18 рзы. Уи адагьы Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи.

Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩаша лаҵара 18 рзы ишьақәырӷәӷәан аҩтәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адепутатцәа 15-ҩык, иара убас уи аҽны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абзоурала иаартын Аԥсны ахәаахәҭратә ҩны.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит лаҵара 29, 2018 шықәсазы.