Аслан Бжьаниа Башара Асад Аԥсныҟа дааиԥхьеит

Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Дамаск аҟазаара хыркәшахоит лаҵара 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟазаара аҵыхәтәантәи амш азы Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсныҟа дааиԥхьеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа Уалид Маршьан иҭаацәара дырҭааит

Лаҵара 20, ашьыжь Асад Бжьаниа Дамаск аамҭалатәи ирезиденциахь днеиит, аофициалтә шьыжьхьахьы днеиԥхьарц. Автомашьына аԥсҟы икын Башар Асад ихаҭа, ҷыдалатәи аҳаҭырқәҵара ду аарԥшуа.

Аԥсны ахада иколлега ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аделегациа адкылара ҩаӡара ҳаракыла иахьымҩаԥгаз азы. Иазгәеиҭеит Аԥсни аԥсуа жәлари рахь абзиабара ду шырныруаз ара рыҟазаара аамҭа зегьы азы.

"Агәра згоит ҳаофициалтә еиԥыларақәа зегьы алҵшәа шроуа, ҳаиҩызара акәзар, ԥхьаҟатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы хра рыманы ишыҟоу", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Башар Асад изеиӷьеишьеит хара имгакәа иҟалараны иҟоу ахада иалхрақәа рҟны ақәҿиарақәа, Шьамтәыла ажәлар рымаҵ аураҟны аманшәалара.

Шьамтәыла ахада Аԥсны ажәлар аҭынчреи амарымажареи рзеиӷьашьо иҳәеит: "Сара Аԥсны сымнеицт аха игәхьаазго салагахьеит" ҳәа.

Аԥснытәи аделегациа Дамаскҟа инеит лаҵара 16 рзы. Лаҵара 17 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Башар Аль-Асади рофициалтә еиԥылара мҩаԥысит Дамаск.

Аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә, атехникатә, акультуратә усеицуразы аԥсуа-шьамтәылатә еилакы актәи аилатәара мҩаԥысит Дамаск лаҵара 18 рзы. Уи адагьы Аԥсни Шьамтәылеи рнапы аҵарҩит рбаӷәазақәа русеицуразы аиқәшаҳаҭреи Атуризм аусх аҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭреи.

Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х Аслан Бжьаниа Дамаск дидикылеит

Аслан Бжьаниа напхгара зиҭо аԥснытәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩаша лаҵара 18 рзы ишьақәырӷәӷәан аҩтәылак рпарламентқәа рыбжьара аиҩызаратә гәыԥ, уи иалалеит шьамтәылатәи адепутатцәа 15-ҩык, иара убас уи аҽны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абзоурала иаартын Аԥсны ахәаахәҭратә ҩны.

Анаҩс Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Антиохиатәии Мрагыларазегьтәии апатриарх Иоанн Х еиԥылеит Дамаск, Ацқьаҭыԥҳа Мариа луахәамаҿ. Иара убасгьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аинрал-маиор Уалид Маршьан иҭаацәара дырҭааит.

Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Дамаск аҟазаара хыркәшахоит лаҵара 20 рзы.

Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит лаҵара 29, 2018 шықәсазы.