АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 230-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз 1940 шықәсазы ииз апациент.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 193-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 46-ҩык, урҭ рахьтә 42-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>