Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 230-ҩык рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВакцинация от COVID - 19 в Абхазии
Вакцинация от COVID - 19 в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15145-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14312-ҩык.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Аԥсны акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵыз 230-ҩык рҟынӡа инаӡеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит акоронавирус ззышьақәырӷәӷәаз 1940 шықәсазы ииз апациент.

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 193-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 19-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 46-ҩык, урҭ рахьтә 42-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 26-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык. Очамчыра ирхәышәтәуеит 14-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 17-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0