АҶА амцарцәаҩцәа Аҟәа амца зкыз акрыфарҭа шдырцәоз

Аҟәа акрыфарҭақәа руак аҿы амцакра ҟалеит ахәаша лаҵара 21 рзы ахәылԥаз. Амца ацралеит Калмыков имҩаҿы игылоу акрыфарҭа атауаршьҭаҵарҭаҿы.
Sputnik

Амцарцәара иаҿын Аҟәа Амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа хԥа. Амца арцәара рылшеит, ауаҩы ҳәа аӡәгьы ԥырхага имоут.