Амҳаџьырқәа ргәаларшәараз атлетикаластә еицлабрақәа мҩаԥысит Тамшь ақыҭан

Атурнир еиҿыркааит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы, Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳəразы аҳəынҭеилакы Очамчыратәи аҟәша ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 24 - Sputnik. Амҳаџьырқәа ргәаларшәараз атлетикаластә еицлабрақәа "Нарҭаа реиԥхныҩра" мҩаԥысит Тамшь ақыҭан, лаҵарамза 23 аҽны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы.

Аиԥхныҩлара алагамҭаз аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз ргәаларшәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Амшцәгьа иахьмырԥшкәа, шәҩык инареиҳаны аспортсменцәа атурнир рҽаладырхәит. Дара хԥа-хәба нызқь метра иҩуан.

Атурнир иалахәын Аҟәа, Гагра, Очамчыра, Тҟәарчал, Тамшь рҟынтәи аспортсменцәа, иара убас Аҟәатәи арратә азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭеи Урыстәылатәи Аладатәи абыжьбатәи арратә округи рыруаа.

Х-нызқь метра аҩраҿы аӡгабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Светлана Лебедева - Урыстәылатәи Аладатәи абыжьбатәи арратә округ аҟнытәи, аҩбатәи аҭыԥ - Ангелина Рушьак (Аҟәа), ахԥатәи- Русалина Габлиаԥҳа (Гагра).

Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз

Хә-нызқь метра аҩраҿы аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Анатоли Мальцев - Урыстәылатәи Аладатәи абыжьбатәи арратә округ аҟнытәи, аҩбатәи аҭыԥ - Дмитри Зинченко (Аҟәа), ахԥатәи - Константин Паньшин (Аҟәа).

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рырхынҳəразы аҳəынҭеилакы ахьӡала аспортсменцәа иранашьан аԥаратә ҳамҭақәа. Аиааира згаг зегьы иранашьан ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи.

Лаҵара 21 1864 шықәса Кавказтәи аибашьра анеилгаз амш ауп. 

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.