Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз

© Sputnik / Бадри Есиава Память жертв Кавказской войны почтили в Гудауте
Память жертв Кавказской войны почтили в Гудауте  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵара 21 1864 шықәсазы Кавказтәи аибашьра хыркәшахеит. Иара иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны Османтәи аимпериахь ииасит, нас уантәи адунеи егьырҭ атәылақәа рахь инанагеит.

ГӘДОУҬА, лаҵара 21 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа иахьа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

День памяти жертв Кавказской войны - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара: Аҟәа имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа

Ацеремониа мҩаԥысит аҭыԥантәи архитектор Игор Смыр амҳаџьырқәа ирызкны иргылаз амемориал амҵан.

Амемориал аԥсуаа рыԥсадгьыл аҟынтәи иқәганы изгоз аҭырқәа ӷба "Маҳмудиа" иасимволуп. Амемориал иргылеит архитектор Игор Смыр 2018 шықәсазы ақалақь амшынтә баӷәазаҿы.

Араион анапхгара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа, ауаажәларра амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иажәақәа рыла ари амш араион аҿы есышықәса иазгәарҭоит. Усҟантәи ахҭысқәа рхыԥша иахьагьы ҳажәлар ирныруеит иҳәеит иара.

"Зҭоурых, зфырхацәа ргәалашәара аиқәырхара злымшаз жәларыкынгьы ахеиқәырхара рылшом. Ҭабуп ҳәа иасҳәоит Игор Смыр абри амш азы абри аҭыԥ ахь ҳааиртә аҭагылазаашьа ахьҳаиҭаз азы", - иҳәеит иара.

Гәдоуҭатәи араионтә еизара ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Валери Малиа иҳәеит, ажәлар шжьаз, уи атрагедиахь ишкылнагаз.

"Ауаа ирылалан ирарҳәон Ҭырқәтәыла. Агәра ргеит" - иҳәеит Малиа.

© Sputnik / Бадри Есиава Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз
Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Гәдоуҭа иргәаладыршәеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз

Шьамтәылантәи зыԥсадгьыл иазыхынҳәыз Салаҳ Леиба аа-шықәсоуп Аԥсны дынхоижьҭеи. Иара иажәақәа рыла абызшәа аиқәырхара шрылымшазгьы амҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа рыԥсадгьыл ргәы ишҭаз иаанханы иҟоуп.

XIX ашәышықәсазы, еиуеиԥшым аҭоурыхтә мзызқәа ирыхҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа рымамызт. Аԥсуа мҳаџьырцәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рыҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0