Бжьаниеи Росавиациа аиҳаби Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза иалацәажәеит

Урыстәыла аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура (Росавиациа) аделегациа Аԥсныҟа иааит лаҵара 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 25 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Росавиациа аиҳабы Александр Нерадько ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Бжьаниеи Нерадькои алацәажәеит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза акапиталтә ремонт амҩаԥгаразы апрактикатә шьаҿақәа рымҩаԥгара азҵаара.

Аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз аӡбра рыдкылан 2020 шықәса абҵара 12 азы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа реиԥылараан. Уи анаҩстәи аамҭа иалагӡаны Урыстәыла атранспорт аминистрраҿы имҩаԥыргахьеит апроект анагӡаразы изныкымкәа аилацәажәарақәа.

Уаанӡа Аԥсны ахада аҳәамҭа ҟаиҵахьан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза 2024 шықәсанӡа иаартхоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: