АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы 2019 шықәсазы Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьра аганахьала Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аусӡбара мҩаԥысуеит.
Аӡбарҭа аилазаара иалахәуп аӡбаҩцәа Роман Кәарҷиа, Генри Гамисониа, ахантәаҩы Мимоза Цәышԥҳа. Ашьауӷатә ус ахәаԥшраз Иреиҳаӡоу аӡбамҭахь ашәҟәқәа нашьҭын мшаԥы 30 азы.
Апрокуратура хада адыррала акриминал алахәылацәа Асҭамыр Шамба, Алхас Аҩӡба, ақьафурҭа ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьреи Русҭам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи рышьразы аҽазышәареи рхараҵоуп ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа Даҭо Ахалаиеи, Демур Ахалаиеи, Аслан Блаббеи.
Иара убасгьы ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.