АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьразы ашьауӷатә ус ахәаԥшраз Иреиҳаӡоу аӡбамҭахь инашьҭуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Аусбарҭаҿы ирҳәоит, ацәгьоуцәа ргәыԥ аиҿкааҩцәа Ерик Ҷкадуеи, Беслан Бганбеи, агәыԥ алахәылацәа- Даҭо Ахалаеи, Демур Ахалаеи, Аслан Блаббеи ирхарырҵоит 2019 шықәса абҵара 22 рзы Аҟәатәи ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа аҭыԥ змаз хынтәтәи ауаҩшьра: Алхас Аҩӡбеи Асҭамыр Шамбеи рыԥсҭазаара иалҵит, урҭ рынахысгьы лыԥсҭазаара далҵит ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа. Даҽа ҩыџьа Рустам Шамбеи Шамил Аҩӡбеи ахәрақәа роуит.
Ацәгьоуцәа закәаншьаҭада абџьар ахархәареи, атәым мазара хықәкыла ааха аҭареи рзы ахара рхарарҵоит.
Хыхь зыӡбахә ҳәоу ацәгьоурақәа рнаҩсан Ҷкадуа ахара идырҵоит амашьынақәа "Мерседес-Бенц" и "Lexus GX" рӷьычреи, "абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи" ахәҭаҷ ала.
Демур Ахалаиа ахара идырҵоит Ахра Џьопуеи иареи еибыҳәаны абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа.
Беслан Бганбеи, Аслан Блаббеи ахара рыдарҵоит абџьар изакәанымкәа аахәареи, аныҟәгареи, аҭиреи иалахәын ҳәа.