Аскьаҭлабақәа нкажьны: Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара хацыркуп

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара хацнаркит. Еизгатәны иҟоуп 250 000 мааҭ аԥара.
Sputnik

Жә-шықәса зхыҵуа Анита Харчлааԥҳа ахәыҷтәы ахбаҩлашатә дабла лымоуп ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит жәеиза мзы анылхыҵ. Изныкымкәа аҽеиҭашьақәыргыларақәа дырхысны иахьазы аскьаҭлабақәа лҽанҵаны дныҟәоит, аха лгәабзиара аиӷьтәразы изаамҭанытәиу ахәышәтәра дахысроуп Москва аҭҵаарадырра-практикатә центр аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: