Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

© Sputnik / Леон Адлейба Подопечная фонда Ашана
Подопечная фонда Ашана  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара хацнаркит. Еизгатәны иҟоуп 250 000 мааҭ аԥара.

Жә-шықәса зхыҵуа Анита Харчлаԥҳа ахәыҷтәы ахбаҩлашатә дабла лымоуп ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит жәеиза мзы анылхыҵ. Изныкымкәа аҽеиҭашьақәыргыларақәа дырхысны иахьазы аскьаҭлабақәа лҽанҵаны дныҟәоит, аха уи аиӷьтәразы изаамҭанытәиу ахәышәтәра дахысроуп Москва аҭҵаарадырра-практикатә центр аҿы.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Адиагнози ахәышәтәреи

Анита диит изааны, ҩ-кьылаки быжьшә грамми акәын лыкапан иҟаз. Жәамш аҳақьымцәа лхылаԥшуан. Анита Харчлааԥҳа ахәыҷтәы ахбаҩлашатә дабла лымоуп ҳәа аҳақьымцәа ишьақәдырӷәӷәеит жәеиза мзы анылхыҵ.

"Адиагноз анылзықәдыргыла ашьҭахь дҳаманы ахәышәтәырҭақәа ҳарҭалеит. Аҳақьымцәа ишырҳәоз ала бжьышықәса рышьҭахь лхала аныҟәара далагар акәын. Ара Анита лҩызцәа ахәыҷқәа ршьапы иахьықәдыргыло аҭыԥ ыҟаӡам", - лҳәоит Анита лан Марҭа Чалач-оӷлы.

© Sputnik / Леон Адлейба Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
Афонд Ашана Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

Хышықәса раԥхьа Аԥсны анҭыҵҟа дахьыргаз аҳақьымцәа ареабилитациа иашамкәаны илзыҟаҵан ҳәа рҳәеит.

"Аскьаҭлабақәа лыҽрынҵаны дныҟәон. Лыбӷа џьыҟәуа иалагеит. Исзааигәоу сҭынха ара даныҟоу ацхыраара лылҭоит, аха схала санлыдхалалак ишахәҭоу сызлыцхраауам. Анита еснагь адәахьы илҭахуп", - лҳәоит ан.

Уажәы Анита аоперациа лзыҟарҵараны иҟоуп ҳәа лҳәеит Марҭа Чалач-оӷлы.

"Лыкапан есышықәса иацлоит, уи акыр иԥырхагоуп. Есышықәса арентген дҭаҳҵоит. Макьаназ ишәарҭоу адинамика лыдбалам. Аныҟәара абар-абар далагоит ҳәа ҳаԥшын, аха макьаназ илҵшәадоуп", - лҳәоит лара.

Аԥхьареи амшыни бзиа илбоит

Анита агәамбзиара шлымоугьы лҩызцәа дызлареиԥшым амаҷ ауп. Ашәҟәыԥхьара бзиа илбоит, аԥхынраз – амшынҭалара. Лан длыцхраауеит, адәқьан ахь дныҟәоит.

"Аԥхьара бзиа избоит, ашкол аҿы иҳарҭо зегьы сеигәырӷьаны саԥхьоит", - лҳәоит Анита.

© Sputnik / Леон Адлейба Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит
Афонд Ашана Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Афонд "Ашана" Анита Харчлааԥҳа лзы аԥареизгара иалагеит

Анита илҭахуп дҳақьымхарц.

"Алақәа, ацыгәқәа схәышәтәлар сҭахуп, ҳәарада ауаагьы", - лҳәеит аӡӷаб.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" Ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Изольда Ҳагԥҳа ааԥхьара ҟалҵоит Анита Харчлааԥҳа ацхыраара лыҭаразы.

"Аамҭа маҷк иалагӡаны илхылгахьоу рацәоуп. Ахәышәтәырҭақәа дырҭоуп. Иахьа ари аҭаацәара ацхыраара анрыҭатәу аамҭоуп. Уаанӡа рхы иақәгәыӷуазар, иахьа адгылара рҭахуп. Ҳазегьы ҳазрывагылар, алҵшәақәа шыҟало агәра згоит. Анита лыхәышәтәразы Москва илзыԥшуп. Ҳабжьы заҳауа зегьы шәахь аҳәара ауеит, ари аҭаацәа ргәырҩа шәаҩымсырц", - лҳәоит Изольда Ҳагԥҳа.

2017 шықәсазы Анита аепилептикатә хьаа лоуит. Иахьанӡагьы ахәшә лжәуеит, аха убри аан лыкапан иацло иалагеит. Уи лныҟәара иаԥырхагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0