"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

Саида Жьиԥҳа иахьа иаҳзеиҭалҳәоит Ҭырқәтәыла, Цхьынара (Аԥсара) ақыҭаҿы инхо аиҳәшьцәа Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа рашьцәа рыдунеи анырԥсах раб иҩны қьаԥҭамхарц азы уаҟа амузеи маҷ аҳасабала аиҿкаара шаԥшьыргаз, дара иаԥырҵаз аԥшӡара асасцәагьы аднагало ишалагаз атәы.
Sputnik

Аб иҩны згәыбылра адым уаҩ дыҟамзар ҟалап. Аха уи аихаҳара уалԥшьаны аԥа иоуп изду, аҷкәын дахымзар, хымԥада, аԥҳа лылаԥш адуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Леилеи Селмеи Уанаҿԥҳацәа рабду иабду Шьҳангьери иоуп Аԥснынтәи амҳаџьырра иахнагаз. Усҟан аишьцәа-аижәлантәқәа Уанаҿаа ԥыҭҩык Қьефқьен иӡхыҵит. Уаҟа ачымазара анрылала, рынхарҭа ҭыԥ рыԥсахит, иахьа Цхьынара (Аԥсара) ҳәа изышьҭоу, ашьхақәа ирыгәҭылаку, анаҩс иаԥсыуа қыҭахаз ахь нхара иааит. Араҟа Шьҳангьери излаилшоз ала инхара-инҵыра еиҿикааит.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

"Ҳаб ишьҭрала аиҳабацәа зегьы абри ақыҭаҟны иит. "Уанаҿаа рхәы" ҳәагьы баша хьӡыс иахымлеит ҳаиланхарҭа. Иахьазы 80 ҭӡы ҳаҟоуп", - ҳәа азгәарҭоит аиҳәшьцәа.

Леилеи Селмеи раб Баҳри Уанаҿа аҭаацәара даналала, иара диразҟхеит Фазилеҭ Ебжьноуԥҳа, хазы анхара иалагеит. Рхатә џьабаала аҩны дыргылеит, ԥшьҩык ахшара рааӡеит. Аха аамҭа иаратәы ҟанаҵоит, анцәа ишиҳәара иҟаз аҭаацәараҿы ани аби раамышьҭахь, ираамҭанымкәа рыдунеи рыԥсахит аишьцәа. Уинахыс ари агәараҭа аиҳабы дахымызт.

"Ҳашьцәа рыхшара хәыҷқәан дара рыдунеи анырԥсахуаз. Убри аҟнытә аҭацацәа ирылымшеит рхала ахәыҷқәа рааӡареи анхамҩа аныҟәгареи. Сара усҟан 15 шықәса ҵуан Кипр аус зуеижьҭеи. Саҳәшьа Леила дҭаацәаран. Ҳаб иҩны қьаԥҭахоит ҳәа ахәыцра сгәы иҵалан, схынҳәит Ҭырқәтәылаҟа. Саҳәшьеи сымаҳәи сывагыланы анхамҩа еиҿаҳкааит. Абри ижәбо аҩны 75 шықәса ахыҵуеит", - лҳәоит Селма.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

Иахьа ақәра змоу Баҳри Уанаҿа иҩни, иашҭеи, ихкаареи алакә хаҿсахьа аанахәеит. Анкьатәи ажәытәра мырӡкәа, уимоу, еихаҳаны, ирҿыцны, иԥҳацәа музеик аҳасабала еиқәдырхеит. Ашҭаҿы убла хыркуеит аҭоурых змоу амаҭәарқәа. Уи ҩычоуп аиҳәшьцәа ранду Шьааизе Кәаӡԥҳа лыԥҳалқәеи, раб иқәаҭанеи, ран лнапкымҭақәеи рыла. Аус адыруит ианыхәыҷқәаз ача ахьырӡуаз афрына, аӡы ахьҭыргоз аҵеџь, рҽахьырҟәыиоз ауаџьаҟ, идырҿыцит ауаргьала. Аҵлақәа еилыхны зехьынџьара ашәҭ ссирқәа еиҭарҳаит. Ашьшәырақәа рҿы игылоуп раб иҟаиҵаз аҟәардәқәа, аишәақәа.

Аҩны уанааҩнашылогьы, иаразнак ажәытәрахь уагоит. Араҟа иҩнагылоуп аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа ран Фазилеҭ Ебжьноуԥҳа аҭаацәара даналалоз еихраҵагас илыцырҵаз ачысмаҭәа зҭагылоу адулаԥ. Амузеитә експонатқәа реиԥш акәакь рзалхуп Фазилеҭ лычуан, лыҟәџьал, лымҳаԥ, лҟәыдыршьшьыга, луанҭа уҳәа. Иара убас аҭыԥ ҷыда аннакылоит раб Баҳри ирадио.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

"Ҳара аҩны аиҿкаара ҳаналага, аҩнымаҭәагьы аԥсахра ҳгәы иҭан. Аха ҳани ҳаби рыфҩы зхаҳкаауаз амаҭәарқәа ҳазкамыжьит. Нас иҳаӡбеит иажәыз еиҭашьақәыргыланы, ашәыга рыхьшьны, рԥшӡагас рааныжьра", - лҳәеит аԥҳа Леила.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

Аиҳәшьцәа еиҿыркааз аҩны лассы-лассы асасцәа аднаԥхьалоит. Ашҭаҿы иҟоу ауаџьаҟ амца ҭаҵаны аџьықәреи ӡуа иадтәалоит. Ажәытә-аҿатә иалацәажәоит.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

"Ҳара еиқәырханы иҳамоуп ҳаб "аԥсуа ажь" ҳәа имаз ашьапгьы. Уи аныҟалалак, аҩгьы ҭаҳҭәоит. Иахьагьы аҽаҩра бзиа ҭыҵуеит ҳрасаҭра", - ҳәа азгәалҭоит Селма.

Аиҳәшьцәа уанырзыӡырҩуа, угәы шьҭнахуеит рхатәы бызшәа аҳәашьа. Дара-дара аҩны аԥсышәала мацара ауп ишеицәажәо.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

"Ҳара ҳаныхәыҷыз нахыс ҳаб аԥсшәа ҳирҵеит. Исгәалашәоит, раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылаҟа Владислав Арӡынба данаа, икәша-мыкәша игылаз зегьы сышрыликааз сыԥсшәа аҳәашьа ала", - лажәа иацылҵоит Селма.

"Ҳаб иҩны қьаԥҭамхарц": аиҳәшьцәа Уанаҿԥҳацәа рынхамҩа шеиҿыркааз

Селма иахьа Измиҭ ақалақь лхатәы арԥшӡаратә салон лымоуп. Лусура дахашәаланы лаб иҩнгьы дахагылоуп. Леила дтәанчаҩуп. Аиҳәшьцәа раб игәараҭа аԥсҭазаара ҿыц иарҭаз дара раамышьҭахь еиҵагыло абиԥарагьы ишеиқәдырхо ҩашьом. Иара ҽакала ҟалашьа амоума, абри аҩыза аҿырԥштәы бзиа анумоу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: