Аҟәа ахадара асоциалтә проект ҿыц аусура иаланаргеит

Апроект "Ахәыҷқәа ҳмырӡлароуп " ззырхо – аҿар ауаажәларра рыгәҭа аҟазаара ашьцылареи, раԥшьгамҭақәа адгылара рыҭареи, урҭ рынагӡара алыршареи роуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik. Апроект "Ахәыҷқәа ҳмырӡлароуп " ззырхо асоциалтә шәарҭара иҭагылоу аҿар аус рыдуылароуп, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аҿы аҳҭнықалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аиҳабы Амина Аҩӡԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит апроект етап-етапла ишеихшо. Актәи аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахалоит социалла иуашәшәыроу аҭаацәарақәа рҟынтәи аҿар рԥылара, рыпроблемақәа реилкаара, ареабилитациа рзура.

Ишьақәырӷәӷәоуп Ахәыҷқәа рыхьчара амш Аҟәа апрограмма

"Актәи аетап аан афонд "Кьараз" хылаԥшра зырҭо аус рыдаауылоит. Дареи ҳареи ҳаибадыруеит. Аҩбатәи аетап аан шықәәсыла еихшаны аҿар ҳарԥылоит, алекциақәа ҳарзаԥхьалоит", - лҳәоит Амина Аҩӡԥҳа.

Ихадараны иҟоу ахәыҷқәа излалшо ала аинформациа ҭбаа рыҭароуп, ԥхьаҟазы аҵараҵараҿы ацхыраара рзаацырц азы ҳәа лҳәоит лара.

"Ахәыҷқәа гәахәарыла ҳара ҳахь иааиуеит. Дара зегь неиҩымсрада аҟыбаҩ рылоуп, еилҟьоуп, иаҭахны иҟоу маҷк адгылареи ацхыраареи рыҭароуп", - азгәалҭеит лара.

Амина Аҩӡыԥҳа лажәақәа рыла аԥхьа иазыԥхьагәаҭан апроект иадыԥхьалазарц 14 - 18 шықәса зхыҵуа,  аха аиҵыбцәагьы аинтерес ркуа ианалага зегь адрыԥхьаларц рыӡбеит. Лара илҳәеит ишазыԥхьагәаҭо ззанааҭ алызххьо рзы аҟазаратә-классқәа рымҩаԥгара.  Иаҳҳәап ачысҟаҵара знапы алаку ауаҩы илшоит уи атәы рзеиҭеиҳәарц, даргьы рыҽԥыршәар ҟалоит афатәҟаҵараҿы.

Амина Аҩӡыԥҳа илҳәеит иахьазы апроект ишалахәхахьо 50-ҩык ахәыҷқәа.  Апроект рҽаладырхәырц рылшоит изҭаху зегьы.