АҞӘА, рашәара 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа ақалақь агәи Гагратәи амҩадуи лашарада иаанхеит адыд-мацәыс иахҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" Гәдоуҭатәи афилиал адиректор Ахра Гагәылиа.
"Иацы адыд-мацәыс ыҟан. Сааҭбжак аԥхьа иҳаԥшааит амзыз – ақалақьтә фидер хада аус замуаз. Атрансформаторқәа руак амацәыс аахеит, акабель блит. Ари аҭыԥ ҳаԥшааит. Уажәы уа аусурақәа ирҿуп. Хара имгакәа ауаа лашарала еиқәҳаршәап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Фымцалашарада иаанхеит Гагратәи амҩаду ауааԥсырагьы. Араҟа макьаназ аԥхасҭа ахьыҟоу аҭыԥ шьақәыргылам, аха аҟазауаа апроблематә ҭыԥ аԥшаара иаҿуп ҳәа иҳәеит Гагәылиа.