Ҩ-нызқьҩык Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 аҟынтә алаҵа ҟарҵеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15 нызқьҩык еиҳауп. Аҳақьымцәа ражәақәа рыла, аколлективтә иммунитет аиуразы, 70% ауааԥсыра аҿкычымазара ахь ацәеижьҿагылақәа рымазар ауп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 - Sputnik. Аԥсны акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҟарҵахьеит 2076-ҩык, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.

Иазгәаҭоуп, 79-ҩык "Спутник V" аҩбатәи алаҵа шыҟарҵаз.

Аҟәа алаҵаҟаҵара аҩбатәи аетап иалагеит рашәара 2 рзы. Аҳҭнықалақь аҟны ауааԥсыра алаҵа рзыҟаҵаразы апунктқәа хԥа аус руеит.

COVID-19 аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ала алаҵаҟаҵара Аԥсны ихацдыркит лаҵара 11 азы.

6 500 доза алаҵа актәи апартиа Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: