Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыриԥа Аҟәа арԥшӡареи арыцқьареи рзы аусмҩаԥгатәқәа ртәы

Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахаҿра аиӷьтәразы имҩаԥысуа аусурақәа ртәы.
Sputnik

Ақалақь нап адкылара, арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгара, ариаҵәара, арԥшӡара, агәамсам ақәгара, аусзуҩцәа рыла иахьынӡеиқәшәоу уҳәа азҵаарақәа дырзааҭгылеит Аҟәа ахадара амуниципалтә усбарҭа "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыриԥа.

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәыриԥа Аҟәа арԥшӡареи арыцқьареи рзы аусмҩаԥгатәқәа ртәы

"…Иаҳҭахуп ҳауаажәлар рҟны аус ҳамазарц, избанзар апандемиа иаҳнарбеит аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа аҳәаа аркра ашьҭахь, изымцо-изымаауа аҭагылазаашьа ҟалеит. Уаанӡагьы аҳәара ҟаҳҵон, уажәгьы аусзуҩцәа рхыԥхьаӡара анмаҷха, алаҳәара ҟаҳҵеит телехәаԥшрала иҳадҵааларц, шаҟа сааҭ аус утәу, ауалафахәы аҳарбеит. Ҩымчыбжьа алаҳәара цон, аҭыԥантәи ауааԥсыра рахьынтә хҩы-ԥшьҩык раҟара неит, урҭ рҟынтәи ҩыџьа аусура иалагеит. Иахьазы ҳусбарҭаҟны 100-ҩык инареиҳаны аус руеит, урҭ рахьынтә 50-ҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәи аусзуҩцәа роуп. Еиҳараӡак урҭ агәамсам аус адырулоит. Егьыс апаркқәа ррыцқьараҟны еиҳарак аҭыԥантәиқәа аус руеит. Ауалафахәы хәыҷык ишьҭаҳхит, аҭагылазаашьа еиӷьны ираҳҭоит, иаҳҭахуп ҳауаажәлар аус руларц", - иҳәеит Кәыриԥа.

Аиҿцәажәара неиҵыхны аудиофаил аҟны.