COVID-19 зцәа иалаз апациент иԥсҭазаара далҵит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 150-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 37-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik. Рашәара 3 аҽны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыц ззышьақәыргылаз 94 шықәса зхыҵуаз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 35-ҩык, урҭ рахьтә 25-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15445-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14854-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 236-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>