АҞӘА, рашәара 4 – Sputnik. Рашәара 3 аҽны Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә инфекциа ҿыц ззышьақәыргылаз 94 шықәса зхыҵуаз апациент, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 35-ҩык, урҭ рахьтә 25-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 12-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 33-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә быжьҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - ааҩык апациентцәа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15445-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 14854-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 236-ҩык.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>