Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хәаџьааԥҳа ашәҭааӡара иазкны

Аҟәа зхатәы ҩнаҿы инхо, зашҭа иҭыҵны амҩасырҭа арԥшӡарагьы иаҿу ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашәҭааӡара лнапы залалкыз, насгьы уи илнаҭо атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Хәаџьааԥҳа ашәҭааӡара иазкны

Рашәара 7 рзы Аҟәа арԥшӡара иазку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит. Уи хықәкыс иамоуп ҳакәша-мыкәша, ҳанхарҭа ҭыԥ аиӷьтәра, ариаҵәара азҵаара ашьҭыхра, ажәлар рыларҵәара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәахәаԥшыр ҟалоит: