00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ишәҭышу аҩны: Аҟәа агәаны Европа ҳгәалазыршәо ахыбра

Анапаҵаҩра
Аҟәа агәаны игылоу егьырҭ аҩнқәа иаарылукаауеит Аԥсны уаанӡатәи аекономика аминистр, Ашахмат азы афедерациа ахада Константин Ҭыжәба иҩны. Sputnik уи иҭааны еилыркааит ари аҩыза анашанатә баҳча шаԥиҵаз.

Академик Марр имҩаҿы игылоу Константин Ҭыжәба иҩны дарбанзаалак ауаҩы, дтуристума, даҭыԥантәиума, илаԥш адымхалакәа дзавсуам. Ахаҳәтә гәараанда аҭыԥан иазҳауеит аџьыԥ (ажасмин – аред.), ахыб аҿы ирызҳауеит уахынла "илашо" асуккулентқәа".

Ари аҩны актәи аихагыла ргылан 1930-тәи ашықәсқәа раан, ԥыҭрак рышьҭахь аҩбатәигьы ахаргылан. Ҭыжәба иажәақәа рыла, иара есымшагьы аҵиаақәа рааӡара дазҿлымҳан азы, иаразнак иҩны акәша-мыкәша ариаҵәара далагеит. Иара европатәи аландшафттә культура дыхнахуан, ииҭахын ихаҭагьы убри иаваҟәыло иҩны ҟаиҵарц.

Раԥхьа иара ирԥшӡеит иашҭеи ибаҳчеи, уа ашәыри ауҭраҭыхи ирызҳауеит, аха аамҭа рацәа еиҳарак изгаз аҩны аҭыӡқәа рырԥшӡароуп. Игәҭакқәа зегьы рынагӡаразы 12 шықәса аҭаххеит.

Аҩны аҩналарҭеи агәашәи аҽрыкәыршаны иазҳауеит ӡынгьы-ԥхынгьы ииаҵәоу аџьыԥ, ахыбгьы дырԥшӡоит асуккулентқәа захьӡу ашәҭ иаҵәақәа.

Ари аҩыза аҩны ахылаԥшра бзиагьы аҭахуп. Аԥхынра аҵиаақәа зегьы аӡы рыҵаҭәаразы х-сааҭк аҭахуп. Ҭыжәба игәаанагарала, дарбанзаалак Аԥсны иқәынхо ауаҩы иҩни иашҭа-игәареи дырхылаԥшлароуп, ирԥшӡалароуп, ҳтәыла зегьы шәҭыкакаҷхарц азы. Абри аидеиа ауаа рыларҵәаразы иара ашәахьа рашәара 7 рзы ибаҳчаҿы имҩаԥигарц игәы иҭоуп ашәҭқәа рцәыргақәҵа "Аҟәа. Ақалақь ариаҵәара".

Ажәабжьқәа зегьы
0