АҞӘА, рашәара 8 - Sputnik. Аушьҭымҭацәа рзы ақалақьтә балқәа ҟалаӡом, абри атәы иҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу аҭо Аԥсны Аҵара аминистр Инал Габлиа.
Аминистр иажәақәа рыла ари азҵаара Агәабзиарахьчара аминистрреи дареи шалацәажәаз иагьшырыӡбаз ақалақьтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара ҟарымҵарц.
"Ҳара мап ацәаҳкуам ашкол аҩныҵҟа арҵаҩцәа алархәны ахәылԥазқәа рымҩаԥгара. Убри аан аҳауаҿ, адистанциа азгәаҭан, асабрадақәа рҿаҵаны", - иҳәеит Инал Габлиа.
Аминистр иҳәеит ажәеизатәи акласс аҵаҩцәа рԥышәарақәа шхыркәшахо ԥхынгәы 1 азы.
Габлиа иажәақәа рыла аттестатқәа рыҭахоит урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало абитуриентцәа ԥхынгәы 3 аҟынӡа. Аминистр иҳәеит изҭаху аушьҭымҭацәа зегьы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рахь адокументқәа рылаҵара ишахьӡо.