АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15641-ҩык ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык, ргәы бзиахеит 15003-ҩык ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 29-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>