Аԥсны акоронавирус аҟынтәи зҽызхәышәтәыз 15 нызқьҩык иреиҳахеит

© Foto / Пресс-служба Госкорпорации Ростех / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство препарата "Ковид-глобулин" на основе плазмы крови переболевших COVID-19
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 236-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 46-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит.

АҞӘА, рашәара 10 – Sputnik. Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 15641-ҩык ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 238-ҩык, ргәы бзиахеит 15003-ҩык ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 29-ҩык, урҭ рахьтә 28-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп - 21-ы.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 36-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә ааҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 13-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 16-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - жәҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0