Рашәара 6 рзы Риҵатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуа Бзыԥ аҩхааҿы аӡиас Иаӷьа дагеит Ҭаҭарсҭан атәылауаҩ Дариа Манасова. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аусзуҩцәеи еицхырааны аӡы иагаз аҭыԥҳа лыԥшаара иаҿуп.
"Аԥшаарақәа ҳшырҿыц ҳарҿуп, Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәагьы иӷәӷәаны иҳацхраауеит, аха макьана лҵшәа ыҟаӡам. Аӡы хәашьуп, акыргьы ишьҭыҵны иҟоуп. Иара аԥшаара аанаҳкылаӡом, иахьынӡауа ҳаимдалароуп. Амала ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа иҳармаҷит, жәохәҩык рҟынӡа аҟәара иаваланы аԥшаарақәа ирҿуп, џьара машәыршәа ԥсыхәак ҟалозар ҳәа. Ашьыжь асааҭ хәба инаркны ахәлара иҳамнахаанӡа аимдара ҳаҿуп. Аӡы иагаз лҭынхацәа уа иҟоуп, ҳазҿу зегьы рбарҭоуп", - иҳәеит Чхьеиӡе.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аӡиас иагаз атуристка лыуацәа Аԥсныҟа иааит
Атуристка дахькаҳаз аҭыԥ аҿы амаакыра ықәдыргылоит