Аҟәа уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца ырцәоуп

Аҟәа Ешба имҩаҿы игылоу аус зымуа акондитертә фабрика амца акит амҽыша рашәара 13 рзы аҽнышьыбжьон.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Аус зымуа аҟәатәи акондитертә фабрикаҿы амца ырцәоуп ҳәа Sputnik акорреспондент адырра ииҭеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.

"Амца ырцәоуп, аха ҳара ҳҟазауаа макьана уа аусура иаҿуп. Дара амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ҭырҵаауеит, игәарҭоит амца ҿыц ахы ыҵнахыр алшо иалымшо. Ахыбраҿы аҭыӡқәа, аҭуанқәа ҳәа акгьы меилаҳаӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аҟәа абылра ахьыҟалаз уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца аанкылоуп

Амҽыша рашәара 13 рзы амца ацралеит Аҟәа Ешба имҩаҿы игылоу аус зымуа акондитертә фабрика ахыб. Амцакра азеиԥш ҵакыра зықь ԥшьыркца метра инареиҳан. Иҟалаз абылра акатегориақәа быжьба рҟынтәи ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит.

Амцарцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа ааба. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа. Аҭыԥ аҟны аус руан амилициа аусзуҩцәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭеи аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.

Амцакра мзызс иаиуз аҭҵаара иаҿуп. Ауааԥсыра рахьтә аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.

Афабрика аусура аанкылан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз. 2017 шықәса ҭагалан Аԥсны Аҳәынҭмазаразы аилак аҿы иҟоу ареспубликатә мазара иатәу обиектқәа рыприватицазиазы Акомиссиа ирыланаҳәеит амазаратә комплекс "Аҟәатәи акондитертә фабрика" ахәҭак ахатәтәрахьы аиагаразы аҭира иазырхоу аконкурс. Аобиект аҵакыра – 1795,0 ԥшьыркца метра. Афабрика иатәу адгьылҵакыра – 0,56 гектар. Алагаратә хәыԥса – 1 600 000 мааҭ.

2020 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра "Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩразы" Азакәан инақәыршәаны ари анаплакы иуристтә обиектк аҳасабала иаԥнахит.