Аҟәа абылра ахьыҟалаз уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца аанкылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукВ Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики
В Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Ешба имҩаҿы игылоу уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбраҿы абылра ҟалеит амҽыша рашәара 13 рзы аҽнышьыбжьон, амца акит зықь ԥшьыркца метра инареиҳаны аҵакыра.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа абылра ахьыҟалаз уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца ырцәоуп ҳәа аҭыԥ аҟынтәи адырра ҟаиҵоит Sputnik акорреспондент.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, амца уаҳа иацлаӡом, амцарцәаҩцәа ахыбра иҩналаны аихагылақәа зегьы ргәаҭара иалагеит.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, амцарцәара иаҿын Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа ааба. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа.

В Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Аҟәа амцакра ду ҟалеит

Аҭыԥ аҟны аус руеит амилициа аусзуҩцәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭеи аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа.

Амцарцәаразы иадԥхьалан Аҟәа ақалақь ахадара иатәу аӡымҩангага машьынагьы.

Амцакра азеиԥш ҵакыра зықь ԥшьыркца метра инареиҳауп.

Заанаҵатәи адыррақәа рыла, амца акит ахыбра аҭуан, уи мзызс иаиуз аҭҵаара иаҿуп. Ауааԥсыра рахьтә аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.

Афабрика аусура аанкылан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз. 2017 шықәса ҭагалан Аԥсны Аҳәынҭмазаразы аилак аҿы иҟоу ареспубликатә мазара иатәу обиектқәа рыприватицазиазы Акомиссиа ирыланаҳәеит амазаратә комплекс "Аҟәатәи акондитертә фабрика" ахәҭак ахатәтәрахьы аиагаразы аҭира иазырхоу аконкурс. Аобиект аҵакыра – 1795,0 ԥшьыркца метра. Афабрика иатәу адгьылҵакыра – 0,56 гектар. Алагаратә хәыԥса – 1 600 000 мааҭ.

2020 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра "Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩразы" Азакәан инақәыршәаны ари анаплакы иуристтә обиектк аҳасабала иаԥнахит.

Ажәабжьқәа зегьы
0