Амца қьоуқьад иамҽханакыз: Аҟәа аус зымуа акондитертә фабрика шдырцәоз

Аҟәа Ешба имҩаҿы игылоу аус зымуа акондитертә фабрика амца акит ҳәа АҶА ахь адырра ҟалеит амҽыша рашәара 13 асааҭ 11:15 рзы.
Sputnik

Амҽыша рашәара 13 рзы амца зыцралаз уаанӡатәи акондитертә фабрика арцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа ааба. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит урыстәылатәи аруаа.

Аҟәа уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца ырцәоуп

Аҭыԥ аҟны аус руан амилициа аусзуҩцәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭеи аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа. Амцарцәаразы иааит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу аӡымҩангага машьынагьы.

Иҟалаз абылра акатегориақәа быжьба рҟынтәи ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит. Азеиԥш ҵакыра зықь ԥшьыркца метра инареиҳауп. Амцарцәаратә операциа хаҭала напхгара аиҭон АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.
Амца арцәара рылшеит шьыбжьон шыҟаз. Амцакра мзызс иаиуз аҭҵаара иаҿуп. Ауааԥсыра рахьтә аӡәгьы ааха имоуӡеит.

Афотосахьақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра>>Амца арцәараз аамҭа рцәымцеит: АҶА аусзуҩцәа акондитертә фабрикаҿы руалԥшьа шынарыгӡоз