Амца арцәараз аамҭа рцәымцеит: АҶА аусзуҩцәа акондитертә фабрикаҿы руалԥшьа шынарыгӡоз

Анапаҵаҩра
Рашәара 13 рзы Аҟәа Ешба имҩаҿы игылоу аус зымуа акондитертә фабрика амца ӷәӷәаны иакит. Аԥсны АҶА ишырҳәаз ала, амца иамҽханакит ахыби уаҭахқәаки.

Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа ааба акондитертә фабрика арцәара иаҿын. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа, урыстәылатәи аруаа.

В Сухуме загорелось здание бывшей кондитерской фабрики  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Аҟәа уаанӡатәи акондитертә фабрикаҿы амца ырцәоуп

Аҭыԥ аҟны аус руан амилициа аусзуҩцәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭеи аԥшаара-еиқәырхаратә гәыԥи русзуҩцәа. Амцарцәаразы иааит Аҟәа ақалақь ахадара иатәу аӡымҩангага машьынагьы.

Асааҭ 15:00 рзеиԥш амца ырцәан. Амцарцәаҩцәа афабрика аҩнуҵҟагьы аӡы ҩнарҭәеит, зеиԥшла амца иамҽханакит 1000 ԥшьыркца метра рҟынӡа аҵакыра. Ауааԥсыра рахьтә ааха аӡәгьы имоуӡеит. Абылра амзызқәа рыҭҵаара иаҿуп.

Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.

Амца қьоуқьад иамҽханакыз: Аҟәа аус зымуа акондитертә фабрика шдырцәоз - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2021
Амца қьоуқьад иамҽханакыз: Аҟәа аус зымуа акондитертә фабрика шдырцәоз

Афабрика аусура аанкылан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз. 2017 шықәса ҭагалан Аԥсны Аҳәынҭмазаразы аилак аҿы иҟоу ареспубликатә мазара иатәу обиектқәа рыприватицазиазы Акомиссиа ирыланаҳәеит амазаратә комплекс "Аҟәатәи акондитертә фабрика" ахәҭак ахатәтәрахьы аиагаразы аҭира иазырхоу аконкурс. Аобиект аҵакыра – 1795,0 ԥшьыркца метра. Афабрика иатәу адгьылҵакыра – 0,56 гектар. Алагаратә хәыԥса – 1 600 000 мааҭ.

2020 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарра "Аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи рҳәынҭқарратә шәҟәҭаҩразы" Азакәан инақәыршәаны ари анаплакы иуристтә обиектк аҳасабала иаԥнахит.

© Sputnik / Леон Адлейба Аҟәа амца акит уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбра.
Аҟәа амца акит уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбра. - Sputnik Аҧсны
1/15
Аҟәа амца акит уаанӡатәи акондитертә фабрика ахыбра.
© Sputnik / Леон Адлейба Амцакра шыҟалаз азы АҶА адырра роуит амҽыша рашәара 13 асааҭ 11:15 рзы.
Амцакра шыҟалаз азы АҶА адырра роуит амҽыша рашәара 13 асааҭ 11:15 рзы. - Sputnik Аҧсны
2/15
Амцакра шыҟалаз азы АҶА адырра роуит амҽыша рашәара 13 асааҭ 11:15 рзы.
© Sputnik / Леон Адлейба Амцарцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа.
Амцарцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа. - Sputnik Аҧсны
3/15
Амцарцәара иадԥхьалан Аҟәа ақалақьи Аҟәеи Гәылрыԥшьи араионқәеи иртәу амцарцәаратә гәыԥқәа, Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иатәу амцарцәаратә ҟәша аусзуҩцәа.
© Sputnik / Леон Адлейба Амцарцәаҩцәа амца ахыбра аҩнуҵҟагьы ажәахьалагьы идырцәон - ахыбра мрагыларатәи мраҭашәаратәи аганқәа рыла.
Амцарцәаҩцәа амца ахыбра аҩнуҵҟагьы ажәахьалагьы идырцәон - ахыбра мрагыларатәи мраҭашәаратәи аганқәа рыла. - Sputnik Аҧсны
4/15
Амцарцәаҩцәа амца ахыбра аҩнуҵҟагьы ажәахьалагьы идырцәон - ахыбра мрагыларатәи мраҭашәаратәи аганқәа рыла.
© Sputnik / Леон Адлейба Амцарцәаҩцәа ахыбра аҵыхәтәантәи аихагылаҟынӡа мардуанла ихалеит.
Амцарцәаҩцәа ахыбра аҵыхәтәантәи аихагылаҟынӡа мардуанла ихалеит. - Sputnik Аҧсны
5/15
Амцарцәаҩцәа ахыбра аҵыхәтәантәи аихагылаҟынӡа мардуанла ихалеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Амцарцәараҿы рымчқәа еибырҭеит 40-ҩык аиқәырхаҩцәа.
Амцарцәараҿы рымчқәа еибырҭеит 40-ҩык аиқәырхаҩцәа.  - Sputnik Аҧсны
6/15
Амцарцәараҿы рымчқәа еибырҭеит 40-ҩык аиқәырхаҩцәа.
© Sputnik / Леон Адлейба Ахыбра даара алҩа ҩначын, амцарцәаҩцәа уажәы-уажәы адәахьы идәылҵны рыԥсыԥ ргалар акәын, уи аамҭазы даҽа гәыԥк ҩналаны рҩызцәа рус иацырҵон.
Ахыбра даара алҩа ҩначын, амцарцәаҩцәа уажәы-уажәы адәахьы идәылҵны рыԥсыԥ ргалар акәын, уи аамҭазы даҽа гәыԥк ҩналаны рҩызцәа рус иацырҵон. - Sputnik Аҧсны
7/15
Ахыбра даара алҩа ҩначын, амцарцәаҩцәа уажәы-уажәы адәахьы идәылҵны рыԥсыԥ ргалар акәын, уи аамҭазы даҽа гәыԥк ҩналаны рҩызцәа рус иацырҵон.
© Sputnik / Леон Адлейба Амца аанкылара рылшеит асааҭ 14:00 рзеиԥш.
Амца аанкылара рылшеит асааҭ 14:00 рзеиԥш. - Sputnik Аҧсны
8/15
Амца аанкылара рылшеит асааҭ 14:00 рзеиԥш.
© Sputnik / Леон Адлейба Алҩа еиқәаҵәа ажәҩан ахь акыр иҳаракны ихалеит.
Алҩа еиқәаҵәа ажәҩан ахь акыр иҳаракны ихалеит. - Sputnik Аҧсны
9/15
Алҩа еиқәаҵәа ажәҩан ахь акыр иҳаракны ихалеит.
© Sputnik / Леон Адлейба Иахьатәи амцакра быжькатегориак рахьтә ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит.
Иахьатәи амцакра  быжькатегориак рахьтә ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит. - Sputnik Аҧсны
10/15
Иахьатәи амцакра быжькатегориак рахьтә ахәбатәи акатегориа иаҵадыркит.
© Sputnik / Леон Адлейба Амца иамҽханакыз аҵакыра 1000 ԥшьыркца метра иҟоуп.
Амца иамҽханакыз аҵакыра 1000 ԥшьыркца метра иҟоуп. - Sputnik Аҧсны
11/15
Амца иамҽханакыз аҵакыра 1000 ԥшьыркца метра иҟоуп.
© Sputnik / Леон Адлейба Аҭыԥантәи ауааԥсыра агәылара игылоу аҩны ахыб аӡы ақәырҭәон, амца ацыԥхьқәа ақәшәаны абылра иаламгарц азы.
Аҭыԥантәи ауааԥсыра агәылара игылоу аҩны ахыб аӡы ақәырҭәон, амца ацыԥхьқәа ақәшәаны абылра иаламгарц азы. - Sputnik Аҧсны
12/15
Аҭыԥантәи ауааԥсыра агәылара игылоу аҩны ахыб аӡы ақәырҭәон, амца ацыԥхьқәа ақәшәаны абылра иаламгарц азы.
© Sputnik / Томас ТхайцукАмца шьаҭанкыла идырцәеит асааҭ 15:00 рзеиԥш.
Амца шьаҭанкыла идырцәеит асааҭ 15:00 рзеиԥш. - Sputnik Аҧсны
13/15
Амца шьаҭанкыла идырцәеит асааҭ 15:00 рзеиԥш.
© Sputnik / Томас ТхайцукАуааԥсыра рахьтә ааха аӡәгьы имоуӡеит. Амцакра мзызқәас иаиуз ҭырҵаауеит.
Ауааԥсыра рахьтә ааха аӡәгьы имоуӡеит. Амцакра мзызқәас иаиуз ҭырҵаауеит. - Sputnik Аҧсны
14/15
Ауааԥсыра рахьтә ааха аӡәгьы имоуӡеит. Амцакра мзызқәас иаиуз ҭырҵаауеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукАҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.
Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа. - Sputnik Аҧсны
15/15
Аҟәатәи акондитертә фабрика ргылан 1978 шықәса рзы. Шықәсык ала 10 нызқь тонна аалыҵ аанашьҭуан. Афабрикаҿы иҭрыжьуан ашоколадтә конфеҭқәа аҭра иҭаҵани икапанни, ачарӡқәа, мрагыларатәи ахаамыхаақәа, аирисқәа, акарамельқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0