Апансионат "Самшитовая роща" аҿы ахаҵа аԥсшьаҩцәа дрылахысит

Ахҭыс ҟалеит Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы рашәара 15, асааҭ 00:30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Апансионат "Самшитовая роща" аҿы ахаҵа аԥсшьаҩцәа дрылахысит рашәара 15 ауыха, еиҭеиҳәоит Пицунда ахада Руслан Хәынцариа.

"Иҟалаз мзызны иамоу сыздырам. Издыруа аҭыԥантәи хаҵак атуристцәа ршьапқәа ирықәкны дхысуан. Ахысраан ахыбыррны ихысуаз иаахеит. Атуристцәа руаӡәк Шәачатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп", - иҳәоит Хәынцариа.

Хәынцариа иинформациала ихысуаз ахаҵа Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днагоуп.

Иҟаз збоз ражәақәа рыла Урыстәыла атәылауаа, ҩыџьа арԥарацәеи хҩык аҭыԥҳацәеи апансионат "Самшитовая роща" акаҳуажәырҭаҿы рыԥсы ршьон. Зыхьӡ еилкаам ахаҵа аҭыԥҳацәа иакәымла драцәажәо далагеит, азгәаҭара ирҭаз аҭакс атапанча ҭыхны ахысра далагеит.

Ахәра зауыз аԥсшьаҩцәа руаӡәк Шәачатәи ахәышәтәырҭахь дыргеит.