АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Апансионат "Самшитовая роща" ахадара аҳәара ҟарҵоит иҟалаз ахҭыс азы ацәажәара рацәа ыҟамзарц, иазгәарҭеит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа шырӷәӷәатәхо. Абри атәы аанацҳауеит апансионат апресс-маҵзура.
"Аамҭа аҭахуп иҟалаз шыҟалаз аилкааразы. Апансионат "Самшитовая роща" ахадара ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа дырӷәӷәоит асезон аамҭазы. Иҟалаз ахҭыс аҭыԥ ақәҵара аҭахуп аԥсшьаҩцәа рыԥсшьара хаҭабзиарала имҩаԥыргаразы", - рҳәеит дара.
Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа"Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит. Аҭыԥ ахь инеииз аопергәыԥ ишьақәдыргылеит ахысра зуз Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо шиакәу.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д.В. ажәақәа анеимарк ашьҭахь Ԥлиа актәи ишьапҳәырӡыӡи ишьамхи дыреихсит, аҩбатәи – фынтә иармашьапи игәчамахи дыреихсит.
Ахәрақәа зауз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.
Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит. Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп.
Ахҭыс азы аматериал еизыргоит.
Арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иажәақәа рыла, Ԥлиа хәышықәса инаркны аҭакра иқәырҵар ҟалоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: