Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы иалацәажәеит ахәрақәа зауз аԥсшьаҩцәа рҭагылазаашьа

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПосольство РФ в Абхазии
Посольство РФ в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Апансионат "Самшитовая роща" аҟны ахәрақәа зауыз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа Шәачатәи ахәышәтәырҭахь инаргеит.

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Апансионат "Самшитовая роща" аҟны ахәрақәа зауыз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа рыԥсҭазаара шәарҭара иҭагылам. Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура апресс-маӡаныҟәгаҩ Денис Лавриков.

"Аԥсны иҟоу Урыстәыла ААР ахаҭарнакцәеи, Аԥсны ААР ахаҭарнакцәеи, Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәшеи ари аус аицхылаԥшра аҳҭоит. Аԥсшьаҩцәа рҭагылазаашьа шәарҭам. Оперативла актәи ацхыраара рыҭан. Уажәы Шәача ахәышәтәра иахысуеит. Рыхәрақәа ӷәӷәоуп, аха рыԥсҭазаара шәарҭам", - иҳәеит иара.

Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит. Аҭыԥ ахь инеииз аопергәыԥ ишьақәдыргылеит ахысра зуыз Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо шиакәу.

МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Аԥсны АА рминистр: атуристцәа зхәыз хәышықәса инацны дҭакхар алшоит

Аԥсны ААР адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д.В. ажәақәа анеимарк ашьҭахь  Ԥлиа актәи  ишьапҳәырӡыӡи ишьамхи дыриехсит, аҩбатәи – фынтә иармашьапи игәчамахи дыриехсит.

Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.

Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит.

Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп. Ахҭыс азы аматериал еизыргоит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иажәақәа рыла, Ԥлиа хәышықәса инаркны аҭакра иқәырҵар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0