"Roland-Garros ара иҟоуп": Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит Аԥсны

Анастасиа Мыскина – урыстәылатәи аԥкьаҭасыҩ, азыҟаҵаҩ, аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи атурнирқәа жәпакы рҟны аиааира згахьоу, Урыстәыла Аԥкаьҭасразы афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16  - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Урыстәыла аԥкьаҭасразы Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит рашәара 15 азы.

Мыскина еиҭалҳәеит Аԥсны аӡбахә акырынтә ишлаҳахьаз, аха дшымаацыз.

"Ара ишыԥшӡараз саҳахьан. Санаауаз зегь сыҵашьыцуан. Иахьа агәра згеит исаҳахьаз зегь шиашаз. Акортқәа ссируп, Roland-Garros (аԥқьаҭасразы Франциа ачемпионат – аред.) ара иҟоуп", - лҳәеит лара.

Мыскина аспортсменцәа ҿарацәа атехникатә маӡақәа длырбеит. Аҟазара-акласс далахәын аа-шықәса зхыҵуа Нестор Цәышба. Иара иҳәеит еицырдыруа аспортсменка лԥылара дшеигәырӷьо, ишиҭаху Roland-Garros аҿы ақәгылара.

Аԥснытәи аԥкьаҭасыҩцәа Мыскина ҳамҭас илырҭеит Аҟәа асахьа. Аԥсшәа лаҳәо дидикылеит Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиа.

"Roland-Garros ара иҟоуп": Анастасиа Мыскина аҟазара-класс мҩаԥылгеит Аԥсны

Анастасиа Мыскина – урыстәылатәи аԥқьаҭасыҩ, азыҟаҵаҩ, аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи атурнирқәа жәпакы  рҟны аиааиҩы, 2005 шықәсазы Мыскина даиааит Акәылӡхылԥа ду атурнир аҿы. Мыскина Урыстәыла амилаҭтә команда даланы Афедерациа Ахраҿа лгеит, WTA аҟны 15 турнир рҿы даиааихьеит.

Аҟәа аҟазара-класс еиҿнакааит аплатформа "Аԥсны агәадура".