Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку амҵәышәымпыл азы Х атурнир ԥхынгәымзазы иҟалоит

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Џьамал Гәбаз аилатәара мҩаԥигеит жәларбжьаратәи атурнир амҩаԥгара азҵаарақәа ирызкны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку ажәабатәи амҵәышәымпыл азы атурнир мҩаԥгахоит ԥхынгәымзазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы.

Аҩбатәи ҳхада: Сергеи Багаԥшь 73 шықәса иихыҵуазаарын

Аицлабрақәа ирылагоит ԥхынгәы 2 рзы, ирылахәхоит 10 командак – Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Ростовтәи аобласт, Краснодартәи атәылаҿацә, Черкесск, Волгоград, Аԥсны иҟоу урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база ркомандақәа.

Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп Аҳәынҭфилармониаҟны ауснагӡатәқәа.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазку амҵәышәымпыл азы ажәабатәи жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥыргоит 2011 шықәса раахыс.