Аҩбатәи ҳхада: Сергеи Багаԥшь 73 шықәса иихыҵуазаарын

© Foto / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЭкс-президент РА Сергей Багапш. Архивное фото.
Экс-президент РА Сергей Багапш. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 азы. Сынтәа иара иихыҵуазаарын 73 шықәса, есышықәса еиԥш сынтәагьы ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Sputnik

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь саргьы, ҳажәларгьы ргәалашәараҟны дынхоит дуаҩы лашаны, дуаҩы қьианы, ажәлар рзы абзиара зҭахыз, зыԥсадгьыл азыҳәан зхи-зыԥси иамеигӡоз уаҩны, ҳәа лҳәеит Сергеи Багаԥшь дылгәаларшәо ажурналист, аҵарауаҩ, Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәқәа равтор Екатерина Бебиаԥҳа.

Ликование в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2019
Екатерина Бебиа Сергеи Багаԥшь изкны: иҟаиҵашаз еиҳа ианыӷәӷәаз аамҭазы дҳаԥхеит

"Сергеи Багаԥшь изкны иуҳәаша даара ирацәоуп, избанзар уи иеиԥш иҟаз аҵеи дуцәа Аԥсны уиаҟара ирацәам. Иара ахӡыргара уамак иҭахӡамызт, иҟаиҵоз зегьы ижәлар рзы акәын изыҟаиҵоз", — ҳәа лҳәеит Бебиаԥҳа.

Екатерина Бебиаԥҳаи Сергеи Багаԥшьи аиуарагьы рыбжьан.

"Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь иани иаби инадыркны ҳара ҳаҩнаҭа акырӡа иазааигәаз ракәын. Сара санду - саб иан д-Ҭарԥҳан, иара иан Ҭарԥҳан. Сусанна захьӡыз иара иани сара сандуи аб иашьа иԥҳацәа ракәын, еиҳәшьцәа гәакьамызт, аха аиҳәшьцәа гәакьақәа реиԥш еибаԥхьаӡоз ракәын. Санду лҟынтәи иаауаз абзиабара ду сани саби рҟны аҳра ауан, ҳара ахәыҷқәа ҳҟынгьы аҳра ауан. Изныкымкәа, иҩынтәымкәа сани лареи еицны, Сергеи Уасил-иԥа иан ҳаҩнаҭаҟны дызбахьан. Аԥҳәыс ҟәымшәышә, аԥҳәыс ҟәанда, цәгьалаҵәҟьа иҵаулаз, иԥшӡаз лакәын. Лара лдунеи анылыԥсахгьы сан "баҳәшьа" ҳәа дылҵәыуон. Сергеи Уасил-иԥа уи уамашәа пату ақәиҵон. "Аиаҳәшьа гәакьа леиԥш дбырҽеит", - ҳәа сара слымҳа иаҳауа акырынтә иҳәахьан", - лҳәоит Бебиаԥҳа, реиуара лгәаларшәо.

Екатерина Бебиа лажәақәа рыла, иара Очамчыра араион данахагылаз ауп еиҳарак аԥсуа жәлар данырдыр.

"Усҟан иара илшеит, ақырҭцәа рнапаҟны ишыҟазгьы, ижәлар рхьаақәа зегьы дырны, еиҳа иахьрыхьуаз, ргәеисра инапы ақәкны ҳажәлар хьаас ирымаз аӡбараҿы дрыдгыланы, дырҩызаны, драԥхьагыланы, абас ихы ааирԥшит. Уи ажәлар иахьагьы еицҿакны ирҳәоит", — ҳәа ацылҵеит лара.

Сергеи Багаԥшь критикак аӡәы иизиуамызт, акы иҳәар иҭахызаргьы инықәырԥшшәа акәын агхақәа ртәы шиҳәоз ҳәа азгәалҭоит Екатерина Бебиаԥҳа, ауаҩы иакәым ҟазҵаз егьа длаҟәызаргьы, иара ахааназ иаҳаҭыр лаирҟәуамызт. Ацәҳара закәыз издырӡомызт.

апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2019
Арадио
Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит Сергеи Багаԥшь изкны ашәҟәы аҭыҵра шыҟалаз

Сергеи Багаԥшь дигәаларшәо Ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" аиҳабы, ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Нугзар Ашәба иҳәахьан:

"Уи данқәыԥшыз аахыс даԥхьагылаҩын. Аҟәаҟа аусура санаа, Сергеи Аҟәатәи араиком акомсомол актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан, ари 1976 шықәсазы акәын. Уи ашьҭахь ус иҟалеит, ҳаԥсҭазааратә мҩақәа анеиқәшәоз рацәан. Уи иааникылоз аҭыԥқәа иара ишьҭахь иааныскылахьан, иаҳҳәап, Қарҭтәи ЦК акомсомол аҟны, иара убас, Аԥсны аобком акомсомол. Багаԥшь згәы ҳалалыз уаҩын, аҭакԥхықәрагьы иман", — иҳәеит Ашәба.

Нугзар Ашәба иазгәеиҭоит Сергеи Багаԥшь идҳәалоу ахҭысқәа даара ишырацәоу. Ашәба иажәақәа рыла, Сергеи Багаԥшь ақыҭанхамҩеи ашәарыцареи бзиа ибон.

Кристиан Бжьаниа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2019
Арадио
Бжьаниа Сергеи Багаԥшь изы: лассы-ласс дугәаламшәар залшом

"Зны дахьынхо иқыҭа Џьгьарда снеит. Иҭаацәа сразҵааит дабаҟоу ҳәа. Урҭ исарҳәеит агәылара џьара дышнеиз. Уахь сцеит саргьы. Санԥшы, Сергеи атрактор дшақәтәаз збеит, уи игәыла аџьықәреи аҭагалара дицхраауан. Багаԥшь анхара илан", — азгәеиҭеит аполитик.

Нугзар Ашәба игәаанагарала, Сергеи Багаԥшь Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаараҿы илагала дууп.

"Қырҭтәылеи ҳареи еснагь ҳаизыҟазаашьақәа цәгьан. Багаԥшь ахадас даналаҳх еиҳагьы ихьанҭахо иалагеит. Кәыдрытәи аиҩхаагьы ыҟамзи... Ақырҭқәа уахь иҭалеит. Дареи ҳареи аиҿцәажәараҳәа акгьы ҳабжьазар ҳҭахӡамызт, нас еилкаахеит Аԥсны зегь рнапаҿы иааргарц шырҭахыз. Усҟан Багаԥшь Москваҟа лассы-лассы дцон, Урыстәыла аиҳабыра драцәажәон, ҳтәылаҿы абжьаҟазаратә мчрақәа реизырҳаразы аилацәажәарақәа мҩаԥигон. Иара итәы иаиргеит. Ҩ-нызқьҩык аруаа ахьыҟаз, х-нызқьҩык рҟынӡа ҟалеит. Иара убри алагьы ақырҭқәа Аԥсныҟа ааира зларылшоз астратегиатә ҭыԥқәа зегь рӷәӷәаны ихьчан", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Нугзар Ашәба иазгәеиҭеит Сергеи Багаԥшь илшамҭақәа зегьы ишреиҳау Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны ахьыԥшымра ахьазхарҵаз.

"Нанҳәа 26 рзы ашьыжь Багаԥшьи сареи Москва ҳаҟан. Азхаҵара шҳарҭо атәы еилаҳкаахьан. Ақәҵара заҵәык акәын ҳаззыԥшыз. Медведев усҟан Шәача дыҟан. Асааҭ 3 рзы азхаҵара атәы шрыларҳәоз ҳдыруан аҟнытә Аԥсныҟа амҩа ҳақәлеит. Асааҭ 12 рзы Шәача ҳааихьан. Багаԥшь идыруан уа дшыҟаз Приднестровие ахада Смирнов, уи атәыла азхаҵара арҭомызт. Сергеи Уасил-иԥа иҳәеит Смирнов иҿы ҳнеироуп ҳәа. Ҳцеит, даҳбеит, игәы ҳарӷәӷәеит, еснагь ҳашидгыло азы ажәа иаҳҭеит. Смирнов ҳамнеиргьы игәы иалымсыр ҟаларын, аха Багаԥшь иара итәы ҟаиҵеит зегь акоуп", — азгәеиҭеит Ашәба.

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш лгәаларшәо, Екатерина Бебиаԥҳа илҳәоит:

"Уи аҽны Ахақәиҭра ашҭаҟны иҟаз агәырӷьара ахаан исхашҭуам. Ажәлар рыччабыжь, рашәаҳәабжьы ашҭа ҭнарцәажәаауан. Сергеи Баӷаԥшьи усҟан Аԥсны анапхгараҿы иҟаз зегьи ашҭа ианаақәла ажәлар зегьы еицҿакны аҿыҭра иалагеит "Багаԥшь" ҳәа. Ажәлар реицгәырӷьабжьы ахааназ ԥсыуак ихашҭып ҳәа сгәы иаанагом. Ҳара ҳаӡәыкны ҳаныҟала иҵегь аҳәынҭқаррақәа ҳаицазхарҵоит", - ҳәа лыԥхьаӡоит ажурналист, аҵарауаҩ.

Сход абхазского народа в Сухуми - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.08.2020
Жәларык ргәыхәтәы: Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аиуижьҭеи 12 шықәса ҵуеит

Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара даналҵыз амш лгәаларшәо, Екатерина Бебиа-ԥҳа илҳәоит:

"Иара иԥсҭазаара далҵит ҳәа анҳаҳа ашьыжь ҳажәлар дысит. Иҳаҳаит ҳаззыԥшӡамыз ажәабжь. Иара иӷәӷәамҭа данҭагылаз. Аԥсуа хаҵа изы 62 шықәса зынӡа имаҷуп, иҟаиҵашаз шырацәаз абас иаалырҟьаны иԥсҭазаара дахьалҵыз иахьагьы ҵәымыӷны ҳгәы иалоуп", — ҳәа лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 90-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит. 2005 шықәсазы Сергеи Багаԥшь Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы — деиҭалхын.
Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы. Анышә дамадоуп иқыҭа гәакьа Џьгьарда.

Сергеи Багаԥшь изку урысшәала иҩу алонгрид шәаԥхьар ҟалоит абра>>Народный президент: памяти Сергея Багапш

Ажәабжьқәа зегьы
0