Урыстәылатәи атурист Гагра амшын аҿы дӡааҟәрылеит

Атурист дӡааҟәрылеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь адырра ҟалеит аԥшьаша рашәара 17 рзы 11 сааҭ 39 минуҭ рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩ Нестеров Михаил Николаи-иԥа Гагра ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҿы дӡааҟәрылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА аофициалтә саит аҿы.

Челиабинск ақалақь аҿы инхо 1973 шықәсазы ииз ауаҩԥсы туристк иаҳасабала Аԥсны дааны дыҟан. Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит Аԥсны АҶА Аӷба маҷқәа рзы аинспекциа аусзуҩцәа. Аха амшынеисра бааԥс иахҟьаны, аӡгьы ахьыхәашьу азы аӡхәыҵалаҩцәа русура иалагартә изыҟамлеит. 

Амшцәгьақәа ирыхҟьаны Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аусзуҩцәеи иахьа уажәраанӡа илышьҭоуп рашәара 6 рзы ацҳаҟынтә аӡиас Иаӷьа иалаҳаз атуристка. Дара аӡиасқәа Иаӷьеи Бзыԥи ирываланы игәарҭоит, аха аӡаҵа рызҭҵааӡом аӡы ахьыхәашьуи иаӷьны иахьлеиуеи азы.

Риҵатәи амилаҭтә парк аиқәырхаҩцәеи аусзуҩцәеи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иацырҵоит

Иара убас Аԥсны АҶА ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара ишаҿыц иаҿуп. Иара Урыстәылантәи иҩызцәа дрыцны иалкаау амаршрут ала ашьха дхаларц дахьааз имч ақәымхеит, иҩызцәа џьара ҭыԥк аҿы дааныжьны илбааит, АҶА ацхыраара иаҳәеит. Уи аахыс аԥснытәи аиқәырхаҩцәа шьапыла агәыԥқәа ишьҭоуп, вертолиотла ашьхара иахаԥраауеит, иара убас аволонтиорцәагьы ааны ишьҭалахьан, аха урҭгьы рымч ақәымхеит, даргьы ацхыраара рырҭар акәхеит Аԥсны АҶА, иара убас аԥшаарақәа ирҿуп ашьха қыҭа Ԥсҳәы иатәу амцарцәаратә хәҭа аиқәырхацәагьы. Арҭ аԥшаарақәагьы макьана лҵшәа рмоуӡацт.