Риҵатәи амилаҭтә парк аиқәырхаҩцәеи аусзуҩцәеи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иацырҵоит

© Foto / МЧС Абхазии Поиски туристки в районе реки Гега
Поиски туристки в районе реки Гега  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Бзыԥ аиҩхааҿы хымшуп аӡы иагаз атуристка Дариа Манасова лыԥшаара иаҿуижьҭеи. Аԥсшьаҩы аӡиас Иаӷьа далаҳаит амҽыша рашәара 6 рзы.

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәеи Гагратәии Гәдоуҭатәии аиқәырхаҩцәеи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иацырҵоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

"Уажәы асқәа ԥсасиуеит, аӡы уи иахҟьаны аҽышьҭнахуеит. Уи адагьы аӡы хәышьуп, аԥшаарақәа аруадаҩуеит. Аӡы лаҟәаанӡа аԥшаарақәа алҵшәа рмоур ҟалоит", - ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Амшын ахь дагазар, ушьҭа дрыԥшаахьазаарын, иӡааҟәрылаз иԥсыбаҩ амшын аҿықә ахь иқәнажьуеит азы ҳәа рҳәоит аусбарҭаҿы.

Бзыԥ аиҩхааҿы иахьа уажәраанӡа аӡы иагаз атуристка Дариа Манасова лыԥшаара иаҿуп. Аԥсшьаҩы аӡиас Иаӷьа далаҳаит рашәара 6 рзы. Ари шыҟалаз збаз изларҳәо ала, лара аӡы далаҳаит амаакыра змамыз ацҳаҟынтәи.

Родик Чхеидзе - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2021
Арадио
Чхьеиӡе Бзыԥ аҩхааҿы аӡы иагаз атурист лыԥшаарақәа рзы: иахьынӡауа ҳаимдалароуп

Риҵатәи амилаҭтә парк аусзуҩцәеи Гагратәии Гәдоуҭатәии аиқәырхаҩцәеи аӡы иагаз атуристка лыԥшаара иаҿуп. Рашәара 7 азы аԥшааҩцәа авертолиот ала аҭыԥ иахаԥраауан.

Уажәы ашьхараҿы асы ахьӡыҭуа, ақәа ӷәӷәаны иахьлеиуа иахҟьаны Бзыԥ аҩхаа аӡиасқәа зегьы ирыцлеит, урҭ акыр иаӷьны илеиуеит, уи аҭагылазаашьа аԥшаарақәа акыр идыруадаҩуеит.

Дариа Манасова лани ланшьа иԥҳаи Аԥсныҟа иааит рашәара 8 рзы. Дара Дариа Манасова аӡы дахьагаз аҭыԥ ахь инеит, дара апсихологцәа аус рыдырулеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0