Атуризм аминистрреи асанитар-епидемиологиатә маҵзуреи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа еицгәарҭеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16107-ҩык ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Аԥсны атуризм аминистрра аусзуҩцәеи асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи, аковид-уснагӡатәқәа ишрықәныҟәо аилкааразы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа еицгәарҭуеит. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа ргәаҭараан асанитар-епидемиологиатә аԥҟарақәеи COVID-19 аламырҵәаразы абжьгарақәа ишрықәныҟәои иацклаԥшуеит.

Аҟәа аԥсшьарҭатә ҭыԥқәак ргәаҭара ашьҭахь, ҿырҳәалатә згәаҭарак ҟаҵан, хараԥсак ылҩаан.

Аԥсны атуризм аминистрра аҳәара ҟанаҵоит COVID-19 аламырҵәаразы абжьгарақәа ирықәныҟәаларц, аҭакԥхықәра рымазаарц.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16107-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахахьеит 15182-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: