Аԥсны даҽа 61 коронавирустә хҭыс ҿыц ашәҟәы иҭагалоуп

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16259-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15217-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 241-ы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 278-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 61-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>