АҞӘА, рашәара 19– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 278-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 61-ы рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 62-ҩык, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 33-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 20-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 11-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>