АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ҳтәыла агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәа рзанааҭтә мшныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ҳаҭыр зқәу Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәа! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә мшныҳәа - Амедицина аусзуҩ имш! Шәара шәзанааҭ ахымшаҭареи, адырра ҵаулақәеи, гәыкала азнеиреи, аџьабаа ацәымшәареи аҭахуп. Есыҽны шәара ишәыдҵаало ауаа ирышәҭоит агәыӷра, ргәабзиара шьақәшәыргылоит, рыԥсҭазаарақәа еиқәшәырхоит", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Ахада иазгәеиҭеит уажәшьҭа ҩышықәса ишрықәу адунеи зегь аҿеиԥш Аԥсны иалаҵәаз ачымазара бааԥс - акоронавирустә инфекциа - ишаҿагылоу ҳмедицина аусзуҩцәа.
"Шәара иаашәырԥшуа апрофессионализм, агәымшәара, ахымшаҭара иабзоураны зықьҩыла ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа еиқәшәырхеит. Ҳара зегьы иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәџьабаазы, шәычҳаразы, иалышәхыз шәзанааҭ шәахьацәхьамҵуазы", - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада иара убас иазгәеиҭеит атәыла анапхгара агәабзиарахьчара асистемахь иҷыдоу агәцаракра шаанарԥшуа, ишеиӷьнатәуа уи аматериал-техникатә еиқәыршәазаара, зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵара ишазҿлымҳау.
Аслан Бжьаниа агәабзиарахьчара асистема аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, рус аҟны ақәҿиарақәа, аҭынчра, аизҳазыӷьара.