АҞӘА, рашәара 21– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 378-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, 84 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 1940 шықәсазы ииз аԥҳәыси.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 61-ы, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>