Акоронавирус злаз ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, шәҩык инареиҳаны ирыдырбалеит Аԥсны

© Sputnik / Томас ТхайцукМашина скорой помощи
Машина скорой помощи  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16367-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15269-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 243-ҩык.

АҞӘА, рашәара 21– Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 378-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 108-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, 84 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 1940 шықәсазы ииз аԥҳәыси.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 61-ы, урҭ рахьтә 61-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 14-ҩык, ибжьаратәуп - 31-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 22-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 19-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 14-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0