Аслан Бжьаниа Аибашьра Ду алагара 80 шықәса ахыҵра амш азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалагазар 80-шықәса аҵра амш азы ауааԥсыра рахь аҳәамҭа ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Рашәарамза 22 – ари агәалашәареи алахьеиқәреи ирымшуп. Атрагедиа зцу ари арыцхә ԥасатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам. Абри амш аҽны, 80 шықәса раԥхьа иалагеит миллионла ауаатәҩсатә ԥсҭазаарақәа ахьалаӡыз Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа" - аҳәоит ахада иҳәамҭаҿы.

Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, амилаҭрацәа зланхоз атәыла ажәлар зегьы аӡәыкны игылеит Аԥсадгьыл ахьчаразы ҳәа. Аибашьра аԥхьатәи амзақәа инадыркны Аԥсны арратә комиссариат ахь 5 нызқь инреиҳаны арзаҳалқәа алаҵан афронт ахь ашьҭразы.

Аҟәа иргәаладыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа

"Ҳарҭ зегьы иахьа ҳхырхәоит аибашьра аҟнытә изыхнымҳәыз рыхьӡала. Ахаангьы иаҳхашҭраны иҟаӡам дарбанзаалак аибашьҩы Аԥсадгьыл ахақәиҭтәразы иҟаиҵаз. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәо шәҿаԥхьа ҳхырхәоит, акыр иаԥсоу аветеранцәа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, шәааигәа иҟоу рганахьала аҳаҭырқәҵара, абзиабара"-иҳәеит атәыла ахада.

Аԥсны ахада аветеранцәа ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, Аԥсны ажәлар зегьы – аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи.

Аибашьра ду иалахәыз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.