АҞӘА, рашәара 22 - Spurtnik. Аџьынџьтәылатә еибашьар Ду алагара 80 шықәса ахыҵра иазкыз акциа "Агәалашәара ацәашьы" мҩаԥган Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, урыстәылатәи арратә база аоркестр инанагӡеит аибашьра иалиааз ашәақәа рмелодиақәа.
"Аибашьра Ду аан Аԥсны ацәыӡ ду аиуит. Ареспублика ауааԥсыра зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит ари алахьеиқәҵаратә амш ахьырхамшҭуа, иҭахаз ргәалашәара ахьыдмырӡуа", - иҳәоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.
Ауснагӡатә еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра, адгылара арҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеии. Акциа иалахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны аиҳабыра алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩцәа, Аҟәа ауааԥсыреи асасцәеи.
Афашист Германиа Асовет Еидгыла иақәлеит рашәара 22 1941 шықәсазы. Аџьынџьтәылатә еибашьар Ду адунеи ауааԥсыра рзы реиҳа ишьаарҵәыраз хҭысхеит. Иҭахеит миллионҩыла ауааԥсыра. Аибашьра цон 1418 мши-ҵхи.
Аибашьра ду иалахәыз 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.