АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Қырҭтәыла аԥыза-министр иаԥшьгарала иаԥҵоу "ампыҵахалара аԥыхрази" аимакқәа ҭынчмҩала рҭышәныртәаларази аҳәынҭқарратә стратегиа аус адуларазы акомиссиа аамҭа иақәшәо иҟам, баша усны иҟоуп, Аԥсуа ҳәынҭқарра аинтересқәа ирықәшәом ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
"Ари аҩыза аԥшьгамҭа аамҭакьаҿлатә пропогандатә усуп, иара уигьы Қырҭтәыла аҩныҵҟа. Уи инеиҳаны ари акомиссиаҟынтәи хра зыҟалом", - агәрагара рымоуп ареспублика адипломатиатә усбарҭаҿы.
Аҟәа аԥшьгамҭа хра алам, Аԥсны уи гәацԥыҳәарак цәырнагом. Акомиссиа ззырхаҵәҟьо Қырҭтәыла "ампыҵахалара зызу аҵакырақәа" рыпроблема "аӡбра" шагәҭаку аарԥшроуп. Аха иара еиԥшу уаанӡатәи апроектқәа ирмоуз алҵшәа Қарҭ иеилдыркаар акәын арҭ рҩызцәа ашьаҿақәа шхыдоу, аиҳарак изеиԥшу автономтә регионқәа руааԥсыра рзы агуманитартә проектқәа шракәу атәы рҳәеит аминистрраҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ иаԥшьыргеит Қырҭтәыла хра змам апозициа иахҟьаны лыҵшәа дук аазмырԥшуа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы еиҳа иҵоуроу аҽазышәарақәа аанарԥшларц.
"Женева апрогресс аҟалара ауп Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара еиҟароу аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа шьақәзыргылар ауа", - азгәарҭоит аусҳәарҭаҿы.